Новости
01.03.2020 20:54А Л А Ҳ Ә А Р А
2020 шықәса, хәажәкырамза 13, асааҭ 11: 00 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа шықәсыктәи Азеиҧш еизара ҟалоит. Уи мҩаҧгахоит ААР Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аконференц-зал аҟны (Аидгылара амҩа, 44).
Ҳшәыҳәоит шәхы алашәырхәырц.
Амш азҵаара
- Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 2019 шықәсазтәи аҭҵаарадырратәи аиҿкааратә ss;и...
23.01.2019 19:24
АЛАҲӘАРА
Аҧсны аҭҵаарыдаррақәа ракадемиа апрезидиум ирыланаҳәоит 2019 шықәсазы иҭыҵыз аҧсышәала иҩу аҵарауаа ҿарацәа (40 шықәса ирҭымсыц) рыҭҵаарадырратә усумҭақәа апремиа ранашьаразы аицлабра (аконкурс) шаарту.
Аицлабрахь иқәыргылазар ҟалоит амонографиақәа, астатиақәа реизга, хазы игоу астатиақәа.
Аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп ААР иаҵанакуа аҭҵааррадырратә институтқәа, Аҧснытәи аҳәынҭ ss;қарратә...
30.10.2016 14:14
Ҳаҭыр зқәу ҳҵарауаа, Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа аинститутқәа русзуҩцәа, Аҧсны аҭҵаарадырра иазааҧсо ҳауаажәлар зегьы! Гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Аҭҵаарадырра Амшныҳәа!
Ари амш – жьҭаара 30 – аҽны ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәо, аџьшьарагь заҳҭауа Аҧсны Аҳәынҭқарра иамоу шықәсырацәалатәи аҭҵаарадырратә традициақәа рымацара ракәӡам. Аҧсны иахьагьы аҭҵаарадырра ҵаула аҳра ауеит, уи аҳәынҭқарреи ауаажәларреи реизҳазыӷьара аус аҟны ҵыргәа хаданы иҟоу хшыҩ ss;ҭра-доуҳатә...
07.09.2016 18:00
Сентиабр 5, 2016 шықәсазы рзы имҩаҧгаз ААР апрезидиум аилатәараҿы ирылацәажәеит анаҩстәи азҵаатәқәа: ААР иатәу Аексперименталтә паталогиеи атерапиеи ринститут амазаараҿы иҟоу адгьыл иазку азҵаара; ААР апрезидент ихаҭыҧуаҩ изку Аҧҟара; ААР ҳаҭыр зқәу апрофессор изку Аҧҟара; ААР ҳаҭыр зқәу адоктор изку Аҧҟара; ААР иатәу аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа рҿы адиректорцәа ралхра иазку Аҧҟара апроект.
Актәи азҵаара апрезидиум аҿы ақәыргылара мзызс иамази иахьатәи аҭагылазаашьеи дырзааw ss7;гылеит...
02.09.2016 23:28
Сентиабр аказы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа азал аҿы имҩаԥган Омар Баирам-иԥа Беигәаа 115 шықәса ихыҵра иазкыз астол гьежь. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ В.К. Занҭариа, аҵарауаа, аҿар.
Академиа иаҭааз асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аиԥылара амҩаԥгаҩ ААР абиблиотека аиҳабы З.Ч. Сабекьиа иааркьаҿны дазааҭгылеит ас еиԥш иҟоу астол гьежь аиҿкаара аидеиа шцәырҵыз. Анаҩс ажәа иҭан Аԥсуа Академиа апрезидент З.Џь. Џьапуа.
ААР ахада иажәахә аҿы иҳәеит, аиԥылара арыцхә машәыршақә акәымкәа, хық ss241;кыла...
31.08.2016 17:52
Август 24 рзы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩыԥысит ААР апрезидиум инеиҵыху аилатәара. Амш иазҵаатәқәаны иқәгылан азҵаарақәа ԥшьба.
Аилатәара иалахәыз алацәажәеит ААР Аԥҟаԥҵәа адкылареи ашьақәырӷәӷәареи рышьҭахь, Академиа иаҵанакуа аинститутқәа рыԥҟаԥҵәақәа реиқәыршәареи итиптәу аԥҟаԥҵәеи рыдкылареи аус шырццактәу. Ари азҵаара дазааҭгыло, Академиа авице-президент С.М. Бебиа иҳәеит ААР аинститутқәа рыԥҟаԥ ss205;әақәа...
19.08.2016 09:06
Август 18 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәара. Аизара иалахәыз алацәажәарц иқәыргылан ААР апрезидент ихаҭыԥуаҩ ишьақәырӷәӷәара азҵаара.
Академиа апрезидент З.Џь. Џьапуа апрезидиум алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит ас еиԥш азҵаара ақәыргылара мзызс иамоу. Инарҭбааны иҳәеит Академиа иахьатәи аԥсҭазаараҿы ихымԥадатәины ишыҟоу аԥышәа змоу, насгьы гәыкала зус иазнеиуа акадрқәа радԥхьалара...
30.06.2016 13:07
Иун 30 рзы Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаҧысит аетнолог, абызшәадырҩы, афинно-угорцәа рыҭҵааҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент Владимир Владимир-иҧа Напольских «Аетникатә ҭоурых аочеркқәа» (Казан, 2015) захьӡу ишәҟәы аӡыргара. Аиҧылараҿы В.В. Напольских даԥхьеит ашәҟәы иагәылалаз астатиақәа ҩба рыла иааркьаҿны еиқәыршәаз алекциақәа:
2016 шықәса апрель 27–29 рзы Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент З.Џь. Џьапуа ихы алаирхәит Чечниатәи ареспублика Грозныи ақалақь аҿы имҩаҧысуаз «Кавказ ажәларқәа рфырхаҵаратә епос» захьӡыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа. Аконференциа еиҿкаан Чечниатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә университет ахыбраҿы.
Иара адҳәалан ачечен бызшәа амши Чечниатәи ареспублика ҳаҭыр зқәу аҭҵаарадырратә усзуҩ, аҵарауаҩ-аепосҭҵааҩ Уздиат Башир-иҧҳ
ss;а...
22.04.2016 18:00
Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы ааигәа ихацыркыз ААР аспирантцәеи ААУ астудентцәеи рзы алекциақәа раҧхьара аус иацҵоуп. Уи атрадициа инақәыршәаны Аҧсныҟа ааҧхьара рыҭан еицырдыруа аҵарауаа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Австралиеи, Океаниеи Индонезиеи рантропологиеи ретнографиеи Амузеи аетнографиа аҟәша аиҳабы Мариа Владимир-иҧҳа Станиуковичи, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аурыс фольклор Аҳәынҭқарратә республикатә центр арегионалтә ҭҵаарадырратә программа
ssқәа...
05.03.2016 11:28
2016 шықәса март 18 рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум инеиҵыху аилатәара. Аиҧылара рхы аладырхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра Авице-президент В.В. Габниа, иара убас Академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла М.Ҳ. Екзеков. Академиа апрезидент З.Џь. Џьапуа, аилатәара зхы алазырхәыз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, идирдырит амш иаусхәаҧштәқәаны иқәгыло. Аилатәараҿы ирзааҭгылеит азҵаатәқәа ааба.
Аилатәара аартын ААР иатәу ахархәара змам еиҭамҵуа амазара ҧхьаҟатәи аҧеиҧш иазку азҵаарала...
23.10.2015 15:00
Акыр иаҧсоу ҳаауааажәлар!
Ҳтәылаҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа агәҭынчымра ду ҳазнарҵысуеит.
Аҭоурых ҩаҧхьа ҳмилаҭ аҧышәара иахнажьуеит. Еилкааны иҳамазароуп, иахьа зҵаатәы хадас иқәгылоу – ҳҳәынҭқарреи ҳхьыҧшымреи реиқәырхара аус азы ҳажәлар реиларҵәара, ҳәоуеиқәшәала ҧхьаҟа ргара шакәу. Ҳара ҳҳәынҭқарра аҿаҧхьа амҩа ҭбаақәа аартуп, зхы иақәиҭу Аҧсны есааира ашьаҿақәа ҟанаҵоит ҳажәлар зҭаху, ҳазхазҵара и ssазхиоу...
15.08.2015 23:01
Иуль 28 2015 ш. ААР апрезидиум аилатәараҿы ирыдыркылеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аҧҟаҧҵа аредакциа ҿыц.
АҦҞАҦҴА АТЕКСТ АХЬ АИАСРА (ҧсышәала)
АҦҞАҦҴА АТЕКСТ АХЬ АИАСРА (урысшәала)
12.08.2015 18:01
Август 12 рзы Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаҧысит ААР апрезидиум инеиҵыху аилатәара. Уи алахәылацәа рҿаҧхьа иқәыргылан азҵаатәқәа ҩба:
- Ихту адгьыл аҿы аҧсуа етнографиатә музеи аҟаҵара;
- Аҧсны ахсаала ҿыц ашьақәыргылара, аҭыжьра.
Аилатәара аарҭуа, ААР апрезидент З.Џ.Џьапуа еизаз ирзеилиркаит арҭ азҵаарақәа рықәыргылара мзыс иаиуз. Актәи азҵаара алацәажәара абзоурахеит аетнографиатә музеи аиҿкааразы апроект автор С. Ҵыџь ААР ахьӡала ииҩыз, амузеи Академиа аструктура иаҵанакуа иҟалар азы аҳәара. Апроект еиҳа инарҭбааны дахцәажәо, аидеиа автор С. ss1204;ыџь...
03.04.2015 19:23
Апрель 3, 2015 шықәсазы имюаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа изаамҭанытәу азеиҧш еизара. Аизара иалахәын Аҧсны Ахада Р.Џь. Ҳаџьым, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Ш.У. Аӡынба, Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ В.К. Занҭариа, аминистрцәа А.П. Какоба, В.А. Чрыгба, Р.К. Оҭырба, Е.А. Арсалиа, адепутатцәа, арҿиаратә, аҭҵаарадырратә интеллегенциа.
Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент З.Џь. Џьапуа, аиҧылара хацыркуа, инаҵшьны иазгәеиҭеит азеиҧш еизара зызку Академиа иаҵанакуа аинститутқәа 2014 шықәсазтәи рыҭ ssҵаарадырратә...